Реихстаг аҿы зыжәла анызҵаз аветеран иԥсҭазаара далҵит

Берлин иҭыхыз афотосахьа ашьаҭала СССР иҭрыжьит миллионки бжаки зтираж наӡоз асаламшәҟәаартқәа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Аветеран-аибашьҩы Семион Усачов, Берлин агара алахәыла, Реихстаг аҿы зыжәла анызҵаз, иԥсҭазаара далҵит 95-шықәса дшырҭагылаз украинатәи Славианск аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Реихстаг аҿы зыжәла анызҵаз аветеран иԥсҭазаара далҵит

Усачов деицырдыруа дҟалеит лаҵара 9 1945 шықәса рзы Реихстаг аҿы ихьӡ ананиҵоз иҭырхыз афотосахьа ала. Абри Берлин иҭыхыз афотосахьа ашьаҭала СССР, 1985 шықәса рзы иҭрыжьит миллионки бжаки зтираж наӡоз асаламшәҟәаартқәа.

Усачов иинтервиуқәа руак аҿы иҳәеит Studebaker дықәгылан мела ишыҟаиҵаз анҵамҭа: "9.5.45. Усачев".