АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. ЕАА ахада Дональд Трамп ҭырқәтәылатәи иколлега Таиип Ердоган идигалеит 100 миллиард доллар шьақәзыртәо атауареикәыршаратә еилаӡареи урыстәылатәи ЗРК С-400 аахәара аҭагылазаашьа инадҳәаланы Ҭырқәтәыла иазаԥиҵар илшо асанкциақәа "рхыкәшаратә мҩеи". Абри атәы аанацҳауеит аҭыжьымҭа Washington Post.
Washington Post ҵаҵӷәыс иҟанаҵоит ииасыз амчыбжь азы Трамп Ердоган изынеишьҭыз ашәҟәы. Аҭыжьымҭа агәаанагарала, Трамп иажәадгала Ҭырқәтәыла аганахьала асанкциақәа Шьамтәылатәи аоперациаз ралагалара иадгыло ЕАА ахаҭарнакцәа рпалатеи азакәанԥҵаҩцәеи "рыхшыҩ иахнахуеит".
Абҵара 12-13 рзы Таиип Ердоган ЕАА даҭаараны дыҟоуп. Итема хаданы атәылақәа рхадацәа ирылацәажәараны иҟоуп урыстәылатәии америкатәии ПВО асистемақәа С-400, Patriot раахәара, иара убасгьы Шьамтәыла аҭагылазаашьа.
Урыстәылатәи С-400 аахәара Ҭырқәтәылеи Америкеи рыбжьара аҭагылазаашьа аруадаҩит. ЕАА адҵа ықәнаргылеит Ҭырқәтәыла С-400 аахәара мап ацәкны америкатәи акомплексқәа Patriot аашәхәароуп ҳәа. Анкара уи мап ацәнакит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Лавров: Америкаа Шьамтәыла ахәҭак ацырҟьара рҭахуп
Анефҭ, атерроризм, Урыстәыла аҭахрақәа: Башар Асад RT аинтервиу аиҭеит