Арадио

Шларԥҳа еиҭашьақәыргылоу аспорттә зал азы: ашколтә мзар аҿы ныҳәаны ианылоит амш

Мушьни Хәарцкиа ихьӡ зхыу Ҩада Ешыратәи абжьаратә школ адиректор Рузанна Шларԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит рышкол аҟны аспорттә зал аиҭашьақәыргылара шалыршахаз.
Sputnik
Шларԥҳа еиҭашьақәыргылоу аспорттә зал азы: ашколтә мзар аҿы ныҳәаны ианылоит амш

Ашкол аспортзал аиҭашьақәыргылара ихахьы игеит шықәсқәак раԥхьа Ешыра ақыҭа нхарҭа ҭыԥс илызхыз, Швеицариантәи Аԥсныҟа иааз, аполитикатә хҳәааҟаҵаҩ Манфред Петрич.

"Ҳара иахьатәи амш ҳашколтә ԥсҭазаара амзар аҟны ныҳәаны ианылоит. Ҳаспорттә зал еиҭашьақәиргылеит Манфред Петрич. Шықәсқәак аспорттә зал ада ҳахьыҟаз даара иаҳныԥшуан. 11 шықәса раԥхьа уи аҳәынҭқарра еиҭашьақәыргыланы иҟанаҵеит, аха ҩба-хԥа шықәса ҵуеит шьҭа амшцәгьақәа аԥхасҭа арҭеижьҭеи. Ахыб аԥша иахьыхнахыз, адашьма, аҭыӡқәа аԥхасҭа роуит. Хышықәса еиҳаны аспортзал ухы иауырхәартә иҟамызт", - лҳәеит Шларԥҳа.  

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: