Арадио

Ҵлаииа: аибашьра афырхацәа рӡыргаразы аволонтиорцәа раԥхьа аус ду шьҭоуп

Москва имҩаԥысит Аиааира ду 75 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз аволонтиорцәа Жәларбжьаратәи рфорум. Аԥснынтәи уи иалахәыз Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара амузеи аусзуҩ Геннади Ҵлаииа еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны излацәажәоз азҵаарақәа.
Sputnik
Ҵлаииа: аибашьра афырхацәа рӡыргаразы аволонтиорцәа раԥхьа аус ду шьҭоуп

Афорум иалахәын 30 тәыла инареиҳаны рхаҭарнакцәа.

"…Уажәтәи афорум лаҵарамзазы имҩаԥгаз еиԥш амҽхак ҭбаамызт 100-ҩык инареиҳаны иалахәын, асеминар-аилацәажәара акәын. Ҳаԥхьа ишьҭоу Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра азгәаҭара, аволонтиорцәа раԥхьа ишьҭоу адҵақәа, ацхыррара  иҟарҵаша апарад амҩаԥгараан аума, "Ԥсра зқәым аполк" акциа ҳхы алаҳархәыртә еиԥш аилацәажәара ҳаман Москва. Асеминар –аилацәажәара ҩ-хәҭакны ишан. Аԥхьа ақыҭа Ершова ҳаҟан ҩымш. Уахь иҳазнеит аекспертцәа еиуеиԥшым асеминарқәа, алекциақәа ҳзымҩаԥыргеит, избанзар аволонтиор идыруазароуп иус акциақәа рҟны ихы шымҩаԥигаша азакәан инақәыршәаны. Иҟалоит еиуеиԥшым ахҭысқәа дрылашәар, убри аҟынтәи зегьы дазхиазароуп… Ҳаплан аҟны иарбоуп досу итәылаҟны имҩаԥигаша аусқәа апатриотизм азҵаара иадҳәаланы… Иахьазы ҳтәылаҟынгьы аволонтиортә ус аҽарҭбаауеит. Уи гәыцәс иамоу аҿар роуп. Аҵара змоу, аха џьаргьы иӡыргам аҿарацәа ҳамоуп. Ҳаԥхьаҟа алшарақәа цәырҵуеит зегьы еицаҳзеиԥшу аус ду рхы аладырхәырц. Ҳаибашьра еилгеижьҭеи 26 шықәса роуп иҵыз, мышкызны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәаланы иахьа аволонтиорцәа иҟарҵо аус ҟаҵатәуп ҳаибашьра иадҳәалангьы. Аџьабаа збаз ҳфырхацәа ӡыргалатәуп, иаҳхаҳмаршҭыроуп иҭахаз", - иҳәеит Ҵлаииа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: