Арадио

Ҵәыџьба: амармалташьтә пты анырҵәаразы иԥхаушьо аметодқәа ыҟаӡам

Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион аҟны амармалташьтә пты аизгара шцо.
Sputnik
Ҵәыџьба: амармалташьтә пты анырҵәаразы иԥхаушьо аметодқәа ыҟаӡам

"Егьырҭ араионқәа рҟнеиԥш, ҳраионгьы аҽазыҟаҵара иаҿуп, иааиуа аԥшьашазы апты адкылара ҳалагоит. Ҩнаҭацыԥхьаӡа  еизыргоит, 3, 5, 10 кьылак ахьрымоу ыҟоуп. Ааԥын анаҩсгьы, уажәы имҩаԥысуа аусура алҵшәа бзиа аиуп ҳәа агәыӷра ыҟоуп… Араионқәа рҟны уажәы еизырго апты зегьы ҩбаҟа тонна ҟалоит, уи ҿиазҭгьы шаҟа аԥхасҭа ҟанаҵоз, убри аҟынтә иахьа аус адулатәуп. Аԥсуаа жәытәаахыс ҳменталитет ала аԥырхага узҭоз нырҵәаны, иҭиины  аԥара ахҭнысхоит ҳәа агәаанагара ыҟамызт. Иагьа ус акәзаргьы, иахьа апты иахҭнырхуа аԥара ҳҳәынҭқарраҟны ауп иахьынхо. Хәба-фба кьыла ауаҩы аҩны иҟәшәазар, уи иахҭныҵуа 5-6 нызқь мааҭ џьара ихәоит. Егьыс ауаҩы схы иаҭәасшьом, исҭахым аԥара ҳәа игәы иаанагозар, мчыла аӡәгьы идырҵом. Ихадоу - апты анырҵәароуп, аметодқәа зегьы маншәалоуп, акагьы ԥхаушьо иҟаӡам", - иҳәеит Ҵәыџьба.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеицыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.