Америкеи Алада Кореиеи реицҽазыҟаҵарақәа ааныркылоит

Вашингтони Сеули еиқәышаҳаҭхеит реицҽазыҟаҵарақәа ааныркыларц азы. Аҽазыҟаҵарақәа Ulchi Freedom Guardian (UFG) есышықәса имҩаԥыргоит Кореиатәи адгьылбжьахаҿы атәылақәа рыҩба рыбжьара.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 18– Sputnik. Америка еиду аштатқәеи Алада Кореиеи аицҳәамҭа ҟарҵеит абҵарамзаз иазгәаҭаз аҽазыҟаҵарақәа шааныркыло азы. Абри атәы аанацҳауеит Ассошиэйтед Пресс.

Аҽазыҟаҵарақәа еиуеиԥшым аҳауатә еибашьратә ҭагылазаашьақәа мҩаԥыргараны иҟан.

ЕАА атәылахьчара аминистр Марк Еспер аҳәамҭа ҟаиҵеит америкатәии алада кореиатәии аруаа аҽырхиара рыманы ишыҟоу. Иара иажәақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа ррыцхә ахгара Аҩада Кореиа аҭахра акәӡам изықәшәо, аҭынчра ҭахызаароуп изықәшәо.

Уаанӡа Аҩада Кореиа арҭ аҽазыҟаҵарақәа ирҿагылан.