Арадио

Кәыҵниа амца зку абнақәа рырцәаразы: иааизакны аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьуп

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит амцарцәаразы ицо аусурақәа ртәы.
Sputnik
Кәыҵниа амца зку абнақәа рырцәаразы: иааизакны аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьуп

"Уажәы Очамчыра араион џьаргьы амца акӡам. Тҟәарчалгьы ҳаҟан ашьыжь шаанӡа вертолиотла ҳакәшан игәаҳҭеит, уажәы Хәаџьал ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы амцакра ыҟазар ҟалап ҳәа агәҩара ҳамоуп. Уахь ҳдәықәлоит агәаҭаразы. Џьгьарда, Азанҭа, Чагьам, уахь џьаргьы амцакра ыҟаӡам, зегьы ҳарцәахьеит. Уажәы Аҟәатәи араион арцәара ҳаҷуп, ауаа ирԥырхагоу алҩа ауп акәымзар, амца ауаа рынхарҭақәа рахь иҟам. Ибылуагьы абаӷьқәа роуп, аҵлақәа рыҵақәа. Амца ахьаабо зегьы арцәара ҳаҷуп, аха алҩа ҭачны иҟоуп, уи аҩхаа иҭалан ҵаҟа илбаауеит. Уи иузнымкыло усуп. Аҭагылазаашьа иааизакны акырӡа еиӷьуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.        

Аԥсны абнақәа рҟны абылрақәа шцац ицоит. Аԥснытәии урыстәылатәии амцарцәыҩцәа еицхырааны аҳауаҟынтәии адгьыл аҟынтәии амца арцәара иаҿуп.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: