Арадио

Ҳагәышь: Гагра араион аҿы амца қыҭак иазааигәахахьан, аха амцарцәаҩцәа ахьӡеит

Гагра араион абнахьчацәа реиҳабы Беслан Ҳагәышь арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы амцакра иахҟьаны аԥсаатәи ашәарахи ироуз аԥырхага атәы.
Sputnik

"Гагра араион абнатә ԥсаатәқәа рацәаны иамоуп, аха дара рҭыԥ аҿы иаангылаӡом. Иаҳа иахьыцәааку аҭыԥ ахь еиханы ицоит. Макьана аԥстәқәа ироуз ааха атәы ҳазҳәом, иахьа абнахьчаҩцәа халеит, аха алҩа рацәоуп аҟнытә русура уамак алҵшәа амаиуит, избанзар, 10-15 метра уааигәа иҟоу убом. Уахынла илеиуа аӡаӡа даара имаҷуп, уи амца иаҿагылартә еиԥш иҟам. Ас еиԥш абылрақәа ҳахааным. Араҟа аус зуеижьҭеи исымбацызт. Гагра уахьаалсуа иҟоу қыҭа хәыҷык амца азааигәахахьан, аха амцарцәаҩцәа иахьӡаны идырцәеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагәышь.

Аԥсны абнақәа рҟны абылрақәа шцац ицоит. Аԥснытәии урыстәылатәии амцарцәыҩцәа еицхырааны аҳауаҟынтәии адгьыл аҟынтәии амца арцәара иаҿуп.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.