Урыстәыла еиҳа идууп ҳәа ирыԥхьаӡаз анарколабораториа ықәыргеит

Урыстәыла еиҳа идууп ҳәа ирыԥхьаӡаз анарколабораториа Москватәи аобласт Серпуховтәи араион аҿтәи афермертә нхамҩа ахыбрақәа рҿы аус ауан.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Урыстәыла ААР аусзуҩцәа Урыстәыла еиҳа идууп ҳәа ирыԥхьаӡаз анарколабораториа Москватәи аобласт Серпуховтәи араион аҿтәи афермертә нхамҩа ахыбрақәа рҿы аус зуаз аарԥшны иаԥырхит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аминистрра аофициалтә хаҭарнак Ирина Волк лажәақәа ааго.

Анаркотикатә маҭәашьар рылазырҵәо ашьра рықәҵара алагалоуп

Алабораториа ацехқәа рҟны иаарԥшын ахимиатә реакторқәа – зыхәԥса 200-500 нызқьмааҭ инаӡо. Уа еиларԥсон асинтетикатә наркотикқәа раԥҵаразы ахкқәа.

Волк лажәақәа рыла ззин ыҟам амаҭәашьарқәа аинтернет-магазинқәа рыла ирыладырҵәон.

Иааидкыланы 100 килограммк рҟынӡа икьакьоу анаркотикатә маҭәашьарқәеи тоннаки бжаки аӡшьар ҟазшьа змази, ԥшь-тоннак ахимреактивқәеи, 600 кьыла апрекурсорқәеи, ахимиатә реакторқәа бжьбеи рылган.

Азинхьчаҩцәа иааныркылеит украинатәи ахимик-технологцәа хҩык, амҩангаҩ, анаплакы аиҿкааҩ. Иааныркылаз рганахь ала ашьаус хацыркуп. Дара зегьы ырбаандаҩуп.