Аҳәааҿы ажәытә ԥарақәа рколлекциа ааныркылеит

Аҵыхәтәантәи 50 шықәса рыҩнуҵҟа иҭрыжьхьоу 6 000 рҟынӡа ажәытә ԥара Урыстәыла-Аԥснытәи аҳәааҿы иаанкылоуп.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа урыстәыла-аԥснытәи аҳәааҿы закәаншьаҭада аҳәаа иахыргоз ажәытә ԥара аколлекциа ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит аҳазалхра апресс-маҵзура.

Автомашьына KIA SPORTAGE ала аҳәаа иахысуаз ахаҵа даанкыланы амашьынагәаҭара анымҩаԥысуаз аинспекторцәа абагаж аҟәшаҿи ахатәхархәаратә маҭәеи рҟны ирбеит абанкнотқәа, ачекқәа, акупонқәа, аталонқәа, асертификатқәа, аоблигациақәа.

Амашьына зхатәу ахаҵа иҳәеит аколлекциа иара ишихатәу, аха убри аан уи шьақәзырӷәӷәо адокументқәа изцәырымгеит.

"Уажәазы аԥаратә дыргақәа рпартиа аанкылоуп, аекспертизахь инашьҭуп. Аекспертиза ишьақәнаргылоит урҭ рыхәԥса", - ҳәа азгәеиҭеит Шәачатәи аҳазалхра аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алексеи Быков.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: