АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәыла аҵакыраҿы "Исламское государство" алахәыла, аисламист,Урыстәылеи Германиеи атеррактқәа мҩаԥызгаз ауаҩы Шьамтәыла дааныркылеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит аҭырқә газеҭ Hurriyet.
"Шьамтәылатәи Аазазе аҟны Джихад ад-Дин аль-Насир Убеиде захьӡу, Исуф Худа ҳәа хьыӡҷыданы измоу "Исламское государство" алахәыла, аисламист, Урыстәылеи Германиеи атеррактқәа мҩаԥызгаз даанкылоуп. Иара атеррористә еиҿкаара иадиԥхьалон аҿар. 2018 шықәса рзы Урыстәыла атерракт еиҿикааит. Иара убасгьы атерракт еиҿикааит Гамбург", - аминистр иажәақәа аанагоит агазеҭ.
Соилу иҳәеит иаанкылоу Шьамтәыла аҩныҵҟа 20 рҟынӡа теракт дышрылахәыз.