Арадио

Ҵәыџьба Гал араион аҟны апты аизгара иазкны: ариаҟара ҳақәгәыӷуамызт

Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион аҟны амармалташьтә пты шаҟа еизыргаз.
Sputnik
Ҵәыџьба Гал араион аҟны апты аизгара иазкны: ариаҟара ҳақәгәыӷуамызт

Аԥшьаша, абҵара 21 рзы Гал араион аҟны анхацәа еизыргаз апты рыдыркылеит.

Жәабран 27, 2019 шықәса рзы атәыла аԥыза-министр Валери Бганба аусԥҟа инапы аҵаиҩит ақыҭанхамҩатә культура ԥырхага азҭо апты анырҵәара иазырханы. Убри аан ишьақәыргылан еизгоу апты ахәыԥсагьы. Ауснагӡатә актәи ахәҭа мшаԥымзазы имҩаԥган.

Зынӡа иааидкыланы ауснагӡатә 7 миллион мааҭ азоужьын.

"Адкылара ашьыжь асааҭ 10 рзы ҳалагеит. 635 кьыла апты ажәлар иааргеит. Сынтәа апты убриаҟара аус адаҳулахьан араион аҟны, ариаҟара еизгахоит ҳәа ҳақәгәыӷуамызт… Ус еиԥш агәаанагара ҳамоуп ҳаԥхьа уажәааны Гал араион аҟны апты 90% рҟынӡа иқәгахап ҳәа", - азгәеиҭеит Ҵәыџьба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: