Арадио

Кәарҷиа иҳәеит "Ахәцҵаз ашәахтә" азакәан ариашарақәа хәарҭас ирылоу

"Ахәцҵаз ашәахтә" азы аҳәынҭқарратә закәан иалагалоу ариашарақәа хәарҭас ирылоу азы игәанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа.
Sputnik
Кәарҷиа иҳәеит "Ахәцҵаз ашәахтә" азакәан ариашарақәа хәарҭас ирылоу

"Иназыҵцҵоу ахәԥса ашәахтә иагхеит ҳәа аџьырмыкьаҿы ахәқәа лаҟәӡом. Аџьырмыкьатә економикаҿы мчыла ахә узыларҟәӡом, уи аџьырмыкьа ахаҭа иаӡбоит. Сара иахьа хәыҷык стауар ахә иҳаракны аҭира салагар, сҩыза дахәаԥшны ахә лаирҟәуеит. Аџьырмыкьа иара ахатә закәанқәа амоуп. Анаплакҩцәа зыргәамҵуа уи ауп, ауаҩы аидара хьанҭа иаҵо аарлаҳәа дышныҟәо еиԥш, анаплакыҩцәагьы иназыҵҵоу ахәԥса аныҳараку уи ашәарагьы рцәыуадаҩуп. Уажәы, азакәан ариашарақәа аналаргалалак ашьҭах, анаплакҩцәа уаанӡа азарал ирымаз ахарҭәаара иалагоит, ари хәыҷы-хәыҷла рыԥсы ҭанаҵароуп. Аҳәынҭқар еилыргаҩык иаҳасабала зегьы рҭагылазаашьа еиҟараны иҟаиҵароуп. Ашәахәҭәқәа зегьы рзы акны иҟазароуп", - ҳәа азгзәеиҭеит Кәарҷиа.   

Иаҳа инеиҵыхны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны асааҭ 18:00 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: