Арадио

Шьалашьаа: ашәахтә ҿыц ала аусура рыдгалахоит зегьы, уи зҽыҵәахны иҟаз цәырнагоит

"Ахәцҵаз ашәахтә" азы аҳәынҭқарратә закәан ариашарақәа заҭаху, насгьы хықәкыс иамоу азы игәанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны аекономист Заур Шьалашьаа.
Sputnik
Шьалашьаа: ашәахтә ҿыц ала аусура рыдгалахоит зегьы, уи зҽыҵәахны иҟаз цәырнагоит

"Азакәан аԥхьа ианцәырҵ, 2015 шықәса рзы, асиа иаҵанамкуазгьы иааргоз алыҵ ахәқәа иаразнак ирыцырҵеит, аха анаҩс урҭ рышьақәыргылара алыршахеит. Уаанӡа иҟан хазтәи ашәахтәгьы ҳәа, азакәан аныԥсахха уахь ииасыз рацәахеит. Дара зегьы аниеҟараха, аҳәынҭқарра уи даара ианыԥшит. Имариоу ашәахтә система анрыдыркылалак ашьҭахь, зҽыҵәахны иҟази даҽа системак ахь ииасызыи ирыдгалахоит ашәахәтә аусушьа ҿыцқәа. Анаплак маҷқәа зегьы шамахамзар ииасроуп ҳәа аҳәоит", - ҳәа иҳәеит Шьалашьаа.        

Иаҳа инеиҵыхны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны асааҭ 18:00 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: