Арадио

Коӷониа еиҭеиҳәеит ақалақь иалоу арахә азҵаара шырыӡбо

Аҟәа ақалақь ахадара аунитартә наплакы "Иҷыдоу автонхамҩа" аиҳабы Алхас Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит хылаԥшрада ақалақь иалоу арахә зтәу ирықәҵахо ахараԥса атәы.
Sputnik
Коӷониа еиҭеиҳәеит ақалақь иалоу арахә азҵаара шырыӡбо

"Арахә азҵаара ҳара ҳус иаҵанакуеит. Ақалақь иалоу арахә анаҳбалак, иаанкыланы, машьынала иҷыдоу автонхамҩаҿы иҭаҳкуеит, анаҩс телехәаԥшрала иҟаҳҵоит алаҳәара. Уи ала ауаа адырра роуеит, нас иааны рырахә ҿырхуеит. Иахьынӡаҭаку аамҭазы аӡи ачеи раҳҭоит, имԥсырц азы. Арахә знык иҭаҳкызар, аԥшәма хәнызықь мааҭ ахишәаауеит хыцыԥхьаӡа, аҩынтә раан - 10-нызықь мааҭ, ахԥатәи раан иара ашьра ҳақәшәоит. Абас еиԥш иҟоу ақәҵара ҳамоуп, иаралагьы аус аауеит. Ахараԥса мызкы аҩнуҵҟа 20—30 нызқь мааҭ рҟынӡа иартәоит. Ааигәа Аԥсуа драматә театр аҿы арахә ҳәуан, ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо идҵала ҳааны дара зегьы ганы иҭаҳкит. Анхацәа ргәырҽанаҳҵеит, ҽазны ианаанкылаха ирзыԥшу азы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Коӷониа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.