Арадио

Габниа еиҭеиҳәеит астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аусура шьышьақәгылахо атәы

Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Гиви Габниа ажурналистцәа рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы еиҭеиҳәеит ацентр аусура шыибо атәы.
Sputnik

"Атәыла ахадеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа убыс еиԥш сахәаԥшуеит – ҳапланқәа шықәсыктәи, ҩышықәсатәи иара ишьақәирӷәӷәароуп ҳәа. Аҳәынҭқарра ҳҿаԥхьа иқәнаргыло адҵақәа рынагӡаразы ауп ҳусура зеиҿкаау. Аштатқәа шааиқәҳаршәалакгьы, жәамш рыҩныҵҟа, ҳазхәыцуеит ҳусура шаабо атәы. Аспециалистцәа доусы ражәалагалақәа ҟарҵар ҟалоит. Анаҩс атәыла ахадагьы идаагалоит азҵаарақәа, 2020 шықәсазы иаҳа аҭҵаара зҭахны иҳаԥхьаӡо. Ҳусуратә план абасшәа ишьақәыргылан иаабоит. Анаҩс иаартны ауаажәлар ирылаҳҳәар ҳҭахуп ҳара аус шаауа. Иҟоуп ауаа зхала аҭҵааратә усурақәа мҩаԥызгогьы, дара ҳусура иадҳаԥхьаларц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габниа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: