Арадио

Аб Бассариан: ауаҩы иааигәара афатә алацәажәароуп - деилазго, деилазыкшо

Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәама аилацәажәаратә хеилак ахантәаҩы Аб Бассариан (Аԥлиа) арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит фатәыла аҽынкылара ачгара аамҭазы ауаҩытәыҩса анырра шинаҭо.
Sputnik
Аб Бассариан: ауаҩы иааигәара афатә алацәажәароуп - деилазго, деилазыкшо

"Иаса Қьырса иирамш аҟынӡа ҳнаӡаанӡа асабшеи амчышеи иҟалоит аԥсыӡ афара. Иазгәасҭар сҭахуп, ауаҩытәыҩса иааигәара афатә ала ацәажәара ауп иара деилазго, деилазыкшо. Аха ииашоуп унапы аӡаӷьа ыҵх, аԥхӡы улх, уфатә аарых уара ухала, ҳәа ҳаиҳәоит Анцәа, аха иҟоуп иааурыхуа аҟынтә иуфаша, иҟоуп иумфаша. Ауаҩытәыҩса дымчымхахоит акрыимфар, аха иҟоуп џьоукы-џьоукы ачеи ӡылеи инхогьы. Ҳара аԥшьаҩцәа аныҳәарахь ҳаннеиуа, акрымфаӡакәа ауп уи шыҟаҳҵо. Зыгьы ирыцкуп ачҳара", - ҳәа азгәеиҭеит Аб Бассариан.

Абҵарамза 28 инаркны ажьырныҳәа 7-нӡа  аиаша қьырсианхаҵаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәо  Қьырсазтәи ачгара иҵоуп.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.