Адыд-мацәыс иахырҟьаны Шәача агәҽанҵара рылаҳәоуп

Абҵара 28 рзы акурорт аҿы ақәаршҩы ӷәӷәеи, аԥшатлакәи адыд-мацәыси ирзыԥшуп. Абҵара 28 рзы Аԥсны иахьаҵанакуагьы амш бааԥсуп.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 28– Sputnik. Шәача ақалақь ахадара ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи агәҽанҵара рнаҭоит амшцәгьа шыҟало азы. Абри атәы аҳәоит ақалақь ахадара асаит аҿы.

Асиноптикцәа ражәақәа рыла абҵара 28 рзы акурорт аҿы ақәаршҩы ӷәӷәеи, секундк ала 17 метра иҟоу аԥшатлакәи адыд-мацәыси ирзыԥшуп.

"Шәача ақалақь ахадара ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи агәҽанҵара раҳҭоит уск рыманы адәахьы идәылымҵуазар аҩны рҽааныркыларц азы", - аҳәоит ахадара асаит аҿы.

Ақалақь ахадара абжьгара ҟанаҵоит автомашьынақәа аҵлақәеи аихатәы конструкциақәеи ирыҵадмыргылаларц.

Абҵара 28 рзы Аԥсны иахьаҵанакуагьы амш бааԥсуп.