"Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа ирыдаагало атурқәа ахьыԥшуп аӡын амшқәа зеиԥшрахо, избан акәзар, асы мамзаргьы ақәа ӷәӷәак леир иҟоуп аҭыԥқәа иахьзымнеиуа. Ҳара ирыдаагало атурқәа роуп ҳтәылаҿы атуризм иаҿу ирыдыргалогьы, дара зегьы ирзеиҟароуп. Ажәакала, амш иаҳнаҭар-аԥсшьаҩцәа ирыдаагалогьы амҩақәа иаҳа ирацәахоит. Усҟан Тҟәарчал, Кәыдрытәи аҩхаа уҳәа идҳарбаша ҳауеит. Риҵа акәзар, уахь амаршрутқәа зегьы аартхом, аха аӡиа аҟынӡа унеиртә еиԥш аҭагылазааашьа еснагь иҟоуп. Ӡынгьы ԥхынгьы аус аауртә ҳаҟоуп, аха макьана ишаԥу еиԥш аусутә анырацәоу еиҳа аԥхын аамҭазы ауп", - ҳәа азгәалҭеит Самилиа Квириаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аршба Аԥсны аӡынтәи атуризм иазкны: Ауадҳара ашәаҩақәа зманы ихалазгьы дыҟоуп
Гарцкиа аӡынтәи атуризм азы: ахәԥса лаҟәызароуп