Арадио

Шьынқәырԥҳа афитосанитартә лабораториа аиҭарҿыцразы: ҳусура акырӡа иарманшәалоит

Аҵиаақәа рзы акарантинтә хылаԥшра асанитартә лабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит алабораториа ҿыц ирнаҭо алшарақәа ртәы.
Sputnik
Шьынқәырԥҳа афитосанитартә лабораториа аиҭарҿыцразы: ҳусура акырӡа иарманшәалоит

"Афитосанитартә лабораториа аус ауеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Арҭ ашықәсқәа зегьы ҳаспециалистцәа есыҽны имҩаԥыргоит алаборатортә ҭҵаарақәа, аентомологиеи, афитопатологиеи, агельминтологиа уҳәа иаҵанакуа ахырхарҭақәа рыла. Аусура есымша ишьақәнагаз ицон, аха иахьа уc еиԥш аҭагылазаашьа ҳауит, ҳусура акырӡа изырманшәалахаша. Ҳара иҳауит ҳусуразы иаҭаху амаругақәа зегьы, еиуеиԥшым амикроскопқәа иҳарҭоит алшара ҳаҭҵааратә усура иаҳа инҭырҳәцааны амҩаԥгара, ахәаҷа-маҷа аума, акарантинтә чымазарақәа роума рааԥшразы", - ҳәа еиҭалҳәеит Шьынқәырԥҳа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.