Дональд Трамп Афганистан дидикылеит иколлега Ашраф Гани

Трамп Афганистанҟа раԥхьатәи иаароуп. Аҵыхәтәан акәны Афганистан даҭаан дыҟан Барак Обама –2014 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 29– Sputnik. ЕАА ахада Дональд Трамп Афганистан дидикылеит иколлега Ашраф Гани. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Трамп Афганистанҟа дшаауаз азы уаанӡа аӡәгьы акгьы издырамызт. Иара ара игылоу америкатәи ар дрыдныҳәалеит, русуразы иҭабуԥ иҳәеит. Иара убасгьы ЕАА ахада Дональд Трамп Афганистан дидикылеит иколлега Ашраф Гани", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аныҟәара аӡбахә уаанӡа иахьырзамыз "ашәарҭадара иазырхоуп" ҳәа рҳәеит Аҩны шкәакәаҿы.

ЕАА Афганистан имҩаԥнаго арратә компаниа 18 шықәса ирықәуп. Арҭ аамҭақәа рыла ара иҭахахьеит 2300 америкатә солдаҭ, ахәрақәа роухьеит –17 674 америкатә солдаҭ. Аҭыԥантәиқәа рҟынтәи иҭахахьеит 21 000-ҩык аҭынч уааԥсыра.