Арадио

Смыр иҳәеит азинтә ҳәынҭқарра аргылара шаҭаху, аха уи ауадаҩрақәа шацу

Аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидадт, ААУ аиуристтә факультет адекан Сергеи Смыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит азинтә ҳәынҭқарра аргылара шаҭаху, аха уи ауадаҩрақәа шацу.
Sputnik
Смыр иҳәеит азинтә ҳәынҭқарра аргылара шаҭаху, аха уи ауадаҩрақәа шацу

"Ҳҿар уамакала ибзиоуп, аха убра ирылоуп ихәыцуа убас: "иаласхыи сара азакәан, дыҟоуп сгәыла, сҭынхак, иара азҵаарақәа иӡбоит, саргьы убас сҟаландаз" ҳәа, имаҷзаргьы, зегьы акоуп иҟоуп ус зҳәо. Урҭ иаҳа ҳаҭыр рықәуп ҳәа ргәы иаанагоит. Цәгьарак ҟаларгьы азинхьчаратә усбараҭа иадҵаалом, излауа ала рхала рызҵаарақәа рыӡбоит. Аԥсны зинтә ҳәынҭқарроуп ҳәа ҳҳәозар, ҳконституциаҿы ус иарбазар, аргылара ҳалагароуп азинтә ҳәынҭқарра. Аҳәынҭқарраҿы инхо ауаҩы иҳәынҭқарраҿы иҟоу аусҳәарҭақәа азакәан ала аус иуроуп", - ҳәа азгәеиҭеит Смыр.       

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.