Израильтәи аруаа ХАМАС хықәкыла иеихсуеит

Уаанӡа Израиль ар рпресс-маҵзура адырра ҟанаҵахьан аруаа асектор Газ аҟынтәи аракетақәа шҭырҟьаз азгәарҭеит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 — Sputnik. Израильтәи аруаа ирҳәеит ХАМАС, асектор Газа аҿы ҳажәлеит аракетақәа рҭырҟьара аҭакс ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аракетақәа хԥа Израиль ақалақьқәа ирзырханы иҭырҟьан. Уи аҭакс аибашьыга вертолиотқәеи аҳаирпланқәеи ХАМАС атеррористтә обиектқәа ирықәкны ижәылеит", - аҳәоит Twitter аҿы ар рдаҟьа.

Иҭахаз рзы, ма аматериалтә ԥхасҭазы дырра ыҟам.

Абҵарамза аахыс израильтәи аҳауатә мчрақәа "Исламский джихад" акомандир Бахи Абу аль-Ата, данҭадырха ашьҭахь, палестинатәи аруааи израильтәи аруааи аҳәааҿы реизыҟазаашьақәа аибарххарахь икылсит.

Израильтәи авиациа асектор Газа иалахысит

Палестина-израильтәи аимак аамҭала адунеи аҿы иҭышәныртәалам аимакқәа иреиҳау иреиуоуп. Иара ахы акит XX ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа раан, Палестина аурымааи арабцәеи рҳәынҭқаррақәа рыҟазаара апроблема иахырҟьаны.

Абҵара 29, 1947 шықәса рзы ЕАР Ассамблеиа хада аӡиас Иордан мраҭашәаратәи аган аҿы аҳәынҭқаррақәа ҩба аԥҵазарц ақәҵара аднакылеит.

Палестина аиҟәшаразы рыбжьы рҭиит 33 ҳәынҭқарра (Франциа, ЕАА, СССР абрахь иналаҵаны). Ари аӡбамҭа иаҿагылеит агәылара арабтә ҳәынҭқаррақәа реиԥш, Палестина инхоз арабцәагьы. Убри аахыс аиҿагылара аҭыԥ шамац иамоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: