Москва ИГИЛ алахәылацәа ааныркылеит

Урыстәыла АШәМ ацәгьоуацәа анааннакыла ашьҭахь ашьаус хацыркуп, аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Москва иааныркылеит атеррористтә актқәа мҩаԥызгараны изыгәҭакыз Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә гәыԥ "Исламское государство"* алахәылацәа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ.

"Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" алахәылацәа. Ҩыџьа Урыстәылатәи Афедерациа иатәылауаауп, хҩык Азиа атәылақәа иртәылауаауп. Дара ирыгәҭакын атеррористтә актқәа рымҩаԥгара", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иаанкылаз рыҩнқәа рҟны аԥшаарақәа раан ИГ аеммисарцәа ринструкциақәа, абџьар, атапанчақәеи автоматқәеи, аџьаԥҳаны, арԥжәагақәа.

Ашықәс иаалагазар Урыстәыла иаадырԥшхьеит 78 террористтә иачеика.

*Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә гәыԥ