Арадио

Гәбаз аҵиаақәа ркарантинтә ааӡарҭазы: аус амур ада ԥсыхәа ыҟам

Аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аӡын аамҭа рыҽшазыҟарҵо, Аԥсны ирааӡо аҵиаахк ҿыцқәа шаарго, русуразы ихадаратәны иҟоу ааӡарҭа атәы.
Sputnik
Гәбаз аҵиаақәа ркарантинтә ааӡарҭазы: аус амур ада ԥсыхәа ыҟам

Сынтәа аԥхаррақәа ахьыҟаз инамаданы ԥхынҷкәынмза алагамҭазы ауп ахьҭа ззымчҳауа аҵиаақәа еиҳарак анхырҩа ҳәа азгәеиҭеит Аботаникатә баҳча аиҳабы. Урҭ рыбжьара иҟоуп еиуеиԥшым апальма хкқәа, иара убас аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳтәылахь иааргаз ашәҭқәа.

"Аҵыхәтәаны иааҳгаз ашәҭ хққәа рацәаны ахьҭа рзымчҳар ҳәа ҳшәаны рыхҩара ҳалагеит сынтәа. Еиҳарак ажәлақәа роуп иааҳго. Егьыс аҵиаақәа аҳәаа рахгара ҳацәшәоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ицәырҵыз ачымазара хққәа ирыхҟьаны",- иҳәеит Гәбаз.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны анҭыҵынтә еиуеиԥшым аҵиаа хкқәа раагара ахарџь рацәаны ишацу .

"Асовет мчра еилаҳаанӡа ҳботаникатә институт аҟны иҭырҵаауаз аҵиаақәа рыла идырԥшӡон ҳақалақьқәа. Иахьа ишәарҭоуп анҭыҵынтә иаауго аҵиаақәа. Анкьа  аҭҵаарадырра аус азызуаз аинститқәа, аԥышәаратә  станциакәа роума акарантинтә ааӡарҭа рыман. Уаҟа аҵиаақәа шықәсык-ҩышықәса ирымоу ачымазарақәа ҭырҵаауан, уи ашьҭахь акәын ианеиҭарҳауаз. Иахьа ус еиԥш Урыстәылагьы иҟам, Аԥсынтәылагьы. Уи амамзаара иахҟьеит иахьа ачымазарақәа ирыхҟьаны ҳшыцгьы 90 процент рҟынӡа  иахьықәӡааз. Ари рыцҳара дууп. Аԥхьа араҟа Аботаникатә институт аҟны иааӡатәуп. Аҵиаа  анҭыҵынтә ианаауго аҭыԥаҟны анаалара ацәыуадаҩуп. Ари азҵаара аиҳабыра рҟны ишьҭаҳхлоит, агәра ҳдыргоит уи азҵаара аганахьала ацхыраара шҳарҭо. Акарантинтә ааӡарҭа аус амур  ада ԥсыхәа ыҟам",- иҳәеит Гәбаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: