"Аԥхьа зшьара иқәҟьода?": аексперт Ҭырқәтәылеи Америкеи реизыҟазаашьа иахҳәаа

Пентагон Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган америкатәи арратә базақәа аҳаркуеит ҳәа ииҳәаз ахҳәаа азнауит. Арадио Sputnik аефир аҿы аексперт Владимир Фитин аганқәа рҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит.
Sputnik

Пентагон иалшо ҟанаҵоит Ҭырқәтәылеи Америкеи реимабзиашьа шыҟац иаанхарц азы Анкара арратә базақәа аркхоит ҳәа аҳәамҭа ашьҭахьгьы ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа ахаҭарнак.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган америкатәи арратә базақәа Инџьирлиқьи Қьуреџьиқьи аҳаркуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАА Ҭырқәтәыла асанкциақәа алаагалоит ҳәа анырҳәа ашьҭахь.

"Ҳара, Ҭырқәтәыла иҟоу ҳамчрақәа рыстатус жәашықәсала аус зцаауа НАТО ала иаҳҩызоу атәыла ахьчара иасимволны ҳахәаԥшуеит. Аминистрра иалшо зегь ҟанаҵоит Ҭырқәтәылеи Америкеи реимабзиашьа шыҟац иаанхарц азы", - иҳәоит аусбарҭа ахаҭарнак.

Иара иазгәеиҭеит Афганисҭан, Косово, Ирак рҟны Ҭырқәтәыла инанагӡоз ароль.

Инџьирлиқь – Мрагылара ааигәа зегь иреиҳау апровинциа Малатиа иҟоу аҭырқәа-америкатә базоуп. ЕАА Ираки Шьамтәылеи имҩаԥнаго арратә операциақәа рзы аҵак ду амоуп. Ароуп иахьыҟоу аштабқәа, арсеналқәа, арадионавигациатә хархәагақәа. 3000 метра иҟоу ашьҭыԥраара-ртәаратә цәаҳәа иаднакылоит астратегиатә бомбакажьгақәа.

Қьуреџьиқь акәзар, уа игылоуп НАТО аракетаҿагыларатә системақәа.

Арадио Sputnik аефир аҿы РИСИ аексперт Владимир Фитин аҭагылазаашьа ахҳәаа ҟаиҵеит, иагьазгәеиҭеит Анкареи Вашингтони реиҿагылара мҩаԥысуеижьҭеи акыр шыҵуа, аӡәгьы шьҭахьҟа шьаҿак аҟаҵара дшазыхиам.

Трампи Ердогани бзиала С-400 азҵаара рыӡбарц рҭахуп

"Аҭагылазаашьа "Аԥхьа зшьара иқәҟьода?" ҳәоуп ишахәаԥштәу. Анкареи Вашингтони реиҿагылара мҩаԥысуеижьҭеи акыр ҵуеит. ЕАА иаҭахуп Ҭырқәтәыла иара анапеинҟьара иацкәашаларц, ахатәы интересқәа ирзымхәыцларц. Аха убри аан ганкахьала америкаа ирҭахуп Анкара Вашингтон иацныҟәаларц, аҽа ганкахьала ибзианы еилыркаауеит ҭырқәтәыла, зыр хыԥхьаӡарала НАТО аилазаараҿы аҩбатәи аҭыԥ ныркыло, аиҿкаара ишахьчаҩ дуу", - иҳәеит Владимир Фитин.

ЕАА ргәаанагарала, Урыстәыла асистемақәа С-400 Ҭырқәтәыла аҵакыраҿы ахы ианархәар ҟалоит америкатәи абомбакажьга F-35 агха-ԥхақәа реилкааразы. Абри инадҳәаланы Вашингтон Анкара ЕАА ринтересқәа аҭиит ҳәа иаԥхьаӡоит. ЕАА асенат аҿы иазырыԥхьаӡоит санкциақәа ҟаҵатәуп Анкара ЗРС С-400 ахьаанахәаз азгьы ҳәа. Уаанӡа дара С-400 ацынхәрас америкатәи Patriot аахәара ҭырқәтәыла иаднагалахьан. Ҭырқәтәылазы иԥкхар ҟалоит америкатәи атауарқәа роуреи амаҵзурақәа рзынагӡареи. Уаанӡа Вашингтон Анкара F-35 аҭыжьреи аахәареи рпрограмма иалнаххьан.

Анкара иҟоу шыҟоугьы шьаҿак еиҭаҵыр аҭахым. Ердоган иажәақәа рыла "Триумфқәа" 2020 шықәсазы рықәыргылара хыркәшахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: