ГУМ ихацыркхеит Sputnik атәылақәа ражәабыжьқәа Рымш

Sputnik Аԥсны ашықәс ҿыц азтәи ажәабжьқәа цәыргахоит ГУМ игыло ацифратә ԥсаӡ аҿы ԥхынҷкәын 29 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Жәларбжьаратәи амаҵзуреи арадиои Sputnik атәылақәа ашықәс ҿыц азтәи ражәабжьқәа рыларҵәара Амш хацыркхеит аҩаша, ԥхынҷкәын 17 рзы ГУМ игыло ацифратә ԥсаӡ аҟны. Есыҽны, аныҳәамшқәа раан Sputnik аԥсаӡ ацәаҳәаццак аҟны адәқьан аҭааҩцәа ирылшоит ирбар, ираҳар атәылақәа жәпакы рҟынтәи ажәабжьқәа.

Сынтәа Sputnik ардырратә информациа урыс бызшәала адагьы егьырҭ амилаҭ бызшәақәа рылагьы иҟалоит. Амшқәа рмарафон хацнаркит Sputnik Армения.

Sputnik – иналукааша жәларбжьаратәи амассатә-информациатә хархәага, 32 бызшәа рыла иҟоу аинтернет-саитқәа еидызкыло, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы, жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу жәабжьтә маҵзуроуп, арадио ефиргьы амоуп. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи, ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә хархәагақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәеи. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла. Sputnik аудиториа 50 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит, Sputnik China аккаунт анапаҵаҩцәа 9 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп. Пекин инаркны Монтевидео аҟынӡа аредакциақәа рҿы аус руеит зықьҩыла еиуеиԥшым амилаҭ ирыҵаркуа ауаа. Sputnik амедиогәыԥ "Россия сегодня" иаҵанакуеит. Sputnik аофис хада Москва аус ауеит.

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.