Қәычбериа анардқәа рзы атурнир азы: абзиабаҩцәа рацәаҩуп
© Sputnik
Анард кьаҿқәа рзы атурнир мҩаԥгахоит Очамчыра ақалақь аҟны ԥхынҷкәын 25 -27 рзы.
"Очамчыра араион аҿы анард абзиабаҩцәа рацәоуп. Ҩышықәса раԥхьа еиҿкаан раԥхьатәи атурнир, усҟан 34-ҩык алахәын, даара иргәаԥхеит зегьы. Сынтәа 64-ҩык алахәхоит, доусы зықьмааҭ алагала ҟаиҵоит, еизгахо анаҩс аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанызкыло иранашьахоит. Атурнир иалахәуп абыргцәа, аҿарацәа, аҳәса, аҭыԥҳәацәа, иара хымш-ԥшьымш рыҩныҵҟа имҩаԥаагоит. Анардқәа рзы аицлабр еизнагоит ахәмарра абзиабаҩцәа зегьы, уи араион ахадара, ақыҭақәа рхадацәа, анхацәа, араион ауааԥсыра. Макьана аԥыжәара иаҳа измоу ҳәа далкаан исызҳәом, уи иара атурнир ахаҭа иаҳнарбап", - иҳәеит Қәычбериа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.