Яндекс 2019 шықәса аихшьаалақәа ҟанаҵеит

Яндекс ахы ианархәоит алгоритм ҷыда, ииасыз ашықәс аихшьаалақәа рыҟаҵаразы. Алгоритм иаԥхьаӡоит иконкреттәу атемақәа рзы азыҳәақәа рыдагьы ииасыз ашықәси ҳазҭоу ашықәси еиҿнарԥшуеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Аилахәыра Яндекс аналитикцәа иазгәарҭеит ашықәс азы итема хаданы иҟалаз. Уи азы аԥшааратә зыҳәақәа ҭҵаан, иара убасгьы иҭҵаан ахархәаҩцәа зинтерес рымаз ауааи ахҭысқәеи рсиа.

Ииасуа ашықәс азы иналукааша хҭысны иҟалеит Украинатәи алхрақәа, Парижтәи Анцәа иан луахәама амцакра, Москва имҩаԥысыз аҿагыларатә акциақәа.