Амҷба Ардашьыл Аҩӡба изы: аестрадеи, аклассикеи, жәлар рашәақәеи рынагӡара дазҟазан
© Sputnik
"Ардашьыл Аҩӡба дмузыкант бзиан. Сара Қарҭ аконсерваториа санҭалоз иара далгахьан, аус иуан аҳәынҭқарратә капеллаҿы. Исгәалашәоит акапелла ианырҵон "Кармина Бурана" ҳәа аҳәаанырцәтәи аԥҵамҭа, иара ида ахкы аӡәгьы изымҳәеит. Убри даара зегьы иџьаршьон. Абыжь па бзиа ихан Ардашьыл. Иара иԥшра-исахьа аума, аҟазара аума зегь рыла деиқәшәан. Акыр атеатрқәа рҟны аус иухьан. Аԥсныҟа даныхынҳә, Ахәынҭқарратә филармониаҿы аус иуан, аконцертқәа мҩаԥигон. Асценаҿы данаацәырҵлак, дызлаугәамԥхо ҳәа акгьы далаҟамызт, ишырҳәо еиԥш, асценазы дшан. Иара аестрадеи, аклассикеи, жәлар рашәақәеи рынагӡара даманшәалан", - ҳәа иҳәеит Амҷба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.