Хәышықәса зхыҵуа Краснодартәи аблогер хәыҷ лырҳамҭала ахԥатәи аҭыԥ аанылкылоит

Аналитикцәа ргәаанагарала хәышықәса зхыҵуа Краснодартәи аблогерша 2019 шықәса рзы илырҳаит 18 миллион доллар. Лканал аудиториа 107 миллионҩык инаӡоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Америкатәи Forbes иакьыԥхьит YouTube аҟны 2019 шықәсазы реиҳа аԥара зырҳауа аблогерцәа рреитинг.

Асиаҟны ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит хәышықәса зхыҵуа Краснодартәи аблогер хәыҷ Анастасиа Радзинскаиа. YouTube аҟны лара лвидео иахәаԥшит 42 миллиард рҟынӡа. Лканалқәа аус рыцыруеит ахәмаргақәеи афатәаалыҵи знапы рылаку аилахәырақәа.

Аӡӷаб адабла лыманы диит. Аҳақьымцәа лхы дахәо дҟалом ҳәа иршьон, аха лҭаацәа рыӡӷаб илуаз-илҳәоз, лылшарақәа YouTube иҭарҵо иалагеит. Уажәы урҭ ароликқәа адунеи абызшәақәа быжьба рыла иҭыҵуеит.

Ареитинг аҟны актәи аҭыԥ ааникылеит 7 шықәса зхыҵуа Раиан Каджи — аканал Ryan ToysReview автор. Авидеоблог изаанашьҭуеит 26 миллион доллар. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит хәҩык аиҩызцәа рвидеоблог Dude Perfect. Шықәсык аҩнуҵҟа дара идырҳауеит 20 миллион доллар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: