Путин: дарбанзаалак СССР атәылақәа рхада Аиааира апарад ахь дмааир иашам

Москва, лаҵара 9 рзы имҩаԥысраны иҟоу Аиааира амш азгәаҭара зхы алазмырхәуа уаанӡатәи Асовет еидгыла атәылақәа рхадацәа иҭахаз ргәалашәара пату ақәырҵом ауп иаанаго иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Москва имҩаԥысуа жәохәтәи ипресс-конференциаҿ.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Москва, лаҵара 9 рзы имҩаԥысраны иҟоу Аиааира амш 75 шықәса ахыҵра азгәаҭара зхы алазмырхәуа уаанӡатәи Асовет еидгыла атәылақәа рхадацәа иҭахаз ргәалашәара пату ақәырҵом ауп иаанаго, ари гха дуӡӡоуп иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.

"Дара ирусуп иаауеи имаауеи, аха иахьатәи ҳҳәынҭқарра еизыҟазаашьақәа ирхьырԥшны имаар – игха дууп. Уи иаанаго иҭахаз рыҳаҭыр аларҟәроуп" ҳәа иҳәеит Путин.

Михаил Горбачиов СССР аилажьраҿы ироль азы азҵаара аҭак ҟаҵо, Урыстәыла ахада иҳәеит ахәшьараҟаҵара ахәҭаны ишимбо.

"Азинтәхәшьара аҟаҵара иунаҭо ҳәа акгьы збом", - иҳәеит иара.

Москва имҩаԥысуеит Урыстәыла ахада Владимир Путин жәохәтәи ипресс-конференциа. Владимир Путин жәохәтәи ипресс-конференциаҿ аккредитациа зызуу ажурналистцәа рхыԥхьаӡара уаанӡа аасҭа акырӡа иеиҳауп – 1 895–ҩык ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: