Арадио

Какалиа: аԥсыӡкра аԥҟарақәа еилазгаз дшахьырхәхо азы зегьы ргәырҽанҵоуп

Аԥсны Ақыҭанхамҩатә еилакы аиҳабы Амиран Какалиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит аԥсыӡкра аԥҟарақәа азауадқәа рнапхгаҩцәа зегьы ишдеилыркааз.
Sputnik
Какалиа: аԥсыӡкра аԥҟарақәа еилазгаз дшахьырхәхо азы зегьы ргәырҽанҵоуп

"Ирацәоуп аԥсыӡкра иахылҿиаауа ацәажәарақәа, аӷба амшын аҟәара иазааигәан аус ауеит ҳәа, аха урҭ анҵаҵӷәыдоу ыҟоуп. Аԥсыӡ зкуа аԥсуаа роуп, урҭгьы Амшын еиқәа аԥсабаратә ҭаҵәахкәа еиҷаҳауеит. Аӷбақәа Ҭырқәтәылантә иаауеит, избанзар Урыстәылатәи абаӷәазақәа ҳааигәара иҟоу ирымаӡам алшара ус еиԥш аӷбақәа ҳаҭаразы. Аԥсыӡтә зауадқәа реиҳабацәеи ҳареи иҳамаз аиҿцәажәараҿы идеилыркааны ираҳҳәеит аилагарақәа ҟазҵо шахьырхәхо. Ауаҩы азакәан дацәшәозароуп, уи азы аҭакԥхықәра зду аусбарҭақәа аус руроуп. Ҳара Ақыҭанхамҩатә еилакы ҳнапы иануп азауадқәа рыбжьара аквотақәа иаҳшо рҟынтә ашәахтәқәа абиуџет алагалара. Тоннак акамшьиа 1800 мааҭ ақәшәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.