Арадио

Кәыҵниа: апетардақәа рырҭҟәацразы аԥҟарақәа реилагара, амашәыр ахылҿиаауеит

Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭимур Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит апетардақәа ирыцу ашәарҭара атәы.
Sputnik
Кәыҵниа: апетардақәа рырҭҟәацразы аԥҟарақәа реилагара, амашәыр ахылҿиаауеит

"Ашықәс ҿыц анааигәахо хәыҷи-дуи апетардақәа ирышьҭалоит, урҭ аахәара иалагоит. Дара еиуеиԥшым амч змоу ҳәа еихшаны иҟоуп, аха иага ихәыҷызаргьы уи ауаҩы игәабзиара ашәарҭара иҭанаргылар алшоит. Аџьырмыкьа хадаҿы ирҭиуа атауарқәа рзы аҭақԥхықәра зду ргәырҽанаҳҵеит ирҭииуа иацклаԥшыртә еиԥш, иахабалак ауааԥсыра ирыдыргалартә еиԥш иҟарымҵарцаз. Аиҳабацәагьы ахәыҷқәа рыгәра ганы хылаԥшрада иаанырмыжьлароуп, апетардақәа рырҭҟәацразы аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәатәуп. Ҩышықәса раԥхьа ақалақь аҿы иҟан ахҭыс, арҭҟәацга иахҟьаны ахәыҷы инапы иӷәӷәаны иблит. Аныҳәа иахәҭаку апетардақәа ирыцуп ашәарҭара ду, убри аҟнытә ахәыҷқәагьы адуцәагьы ргәырҽанызароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: