Арадио

Ҵәыџьба: сынтәа кьылак амандарин ҭиимкәа инхап ҳәа сыҟам

Гал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит араион аҿы анхацәа уажәазы ацитрустә шәырқәа аҩынтә раан аизгара ишаҿу.
Sputnik
Ҵәыџьба: сынтәа кьылак амандарин ҭиимкәа инхап ҳәа сыҟам

"Иаанхаз ацитрустә шәырқәа реингалара ҳаҿуп, ахаҭабзиара бзиоуп. Ҳзықәгәыӷуаз аасҭа еиҵоуп, аха иҟоу бзиоуп, ахәгьы сынтәа иманшәалоуп. Иаҳзымҭиит ҳәа ҳҳәартә иҟаӡам. Абжеиҳараҩык анхацәа зегьы рыҩнаҭақәа рҿы иҟаз ҭиины иалгахьеит, иаанхаз даара имаҷуп. Аԥхьа ииаҵәахаз абыржәы аҩеижьхара иалагеит. Анхацәа абыржәы аҩынтә раан аизгара рҽазыркит. Сынтәа кьылак ацитрустә аалыҵ ҭиимкәа инхап ҳәа сгәы иаанагом. Ҳара ҳмандарина Урыстәыла ибзиан пату ақәырҵоит, иаҳа ихаауп ҳәа иргоит. Урыстәылатәи аџьырмыкьаҿы аҭыԥ хада аанакылоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: