Шәача асыԥса леир ҟалоит ҳәа алаҳәара ҟарҵоит

Асыԥса леир ҟалоит ҳәа ауааԥсыра ирыларҳәеит Шәача ақалақь ахадараҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Ашьхараҿы асыԥса леир ҟалоит ҳәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирыларҳәеит Шәача ақалақь ахадараҿы.

"Ԥхынҷкәын 24 - 25 ашьхараҿы ашәарҭара ыҟоуп асыԥса леиуеит ҳәа", - аҳәоит ақалақь ахадара асаит.

Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп рхы рыхьчарц, ашьхарахь ахалара рҽацәырыхьчарц.

Ииасыз ашықәс ажьырныҳәамзазы ашьхараҿы иҭахеит хҩык урыстәылатәи атуристцәа. Дара Гәбаа адәаҿы шәҩала иныҟәон 2300 метра аҳаракыраҟны. Аныҟәара ахьыҟамлоз аҵакырахь иахьнеиз иахҟьаны асыԥса леиит, ҩыџьа асы иаҵахеит, реиқәырхарагьы залымшеит.