Шьанаа Кьалашәыртәи апанно аиҭашьақәыргыларазы: абжеиҳарак ҿыцны иҟаҵан
© Sputnik
"Кьалашәыртәи апанно 80-тәи ашықәсқәа рзы иҟарҵаз усумҭоуп, асиужет, усҟан уа ақыҭанхамҩатә институт ыҟамзи, анҵамҭагьы убри атематика иашьашәалоуп. Аибашьраан иара ԥҽын, абжеиҳарак акы иаԥсамкәа ибжьысны иҟан. Аԥхьа аусумҭа зегьы аԥсылымӡ ала исӷәыхит, уи иаанарԥшит иамаз аграқәа зегьы, нас иԥҽқәоу зегьы сыԥсахит. Автоматла иахьеихсыз акылҵәарақәа зегьы шәагәаны акахьы икылызгеит. Уажәы аанҿасырҭа саҷуп. Цыра-цырала асаркьақәа иагу зегьы ԥҽны, ажәытәтәи абетон ҟыгала икылаԥҽны, саҷуп. Ҿыцны иҟауҵозар, иаҳа аамҭа маҷны исцәагарын, уажәы сызҿу аасҭа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шьанаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Шьанаа Валентина Хәырхәмал лпанно азы: аԥсы ҭоуп, аха акыр аџьабаа адбалатәуп
"Сухумприбор" злахыркыз апанно ауаа ашәарҭара иҭанаргылон