Forbes ишьақәнаргылеит Урыстәыла амалуаа рсиа

Урыстәылатәи аԥхьатәи амалуаа рмал иааидкыланы 27 миллиард доллар иацлеит. Аҭыжьымҭа Forbes аҟны икьыԥхьуп асиа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Аҭыжьымҭа Forbes аҟны икьыԥхьуп 2019 шықәсазы реиҳа змал иацлаз урыстәылатәи амиллиардерцәа рсиа.

  • Актәи аҭыԥаҿ дгылоуп "Норникель" алахәылаҩ Владимир Потанин. Потанин имал абри ашықәс аҩныҵҟа 23,8 миллиард доллар рҟынӡа ихалеит.
  • Аҩбатәи аҭыԥ: "Новатэк" ахада Леонид Михельсон. Михельсон имал 5,9 миллиард доллар ацлан ишьақәнартәоит 27 миллиард доллар.
  • Ахԥатәи аҭыԥ "Лукойл" ахада Вагит Алекперов. Иара имал 23,8 миллиард доллар ыҟоуп.
  • Аԥшьбатәи аҭыԥ никылоит "Новатэки" "Сибури" рлахәыла Геннади Тимченко. Шықәсык ала иара имал 4,1 миллиард доллар ацлеит. Иара иартәоит 22,7 миллиард доллар.
  • Ахәбатәи аҭыԥ аҿы ихьӡ арбоуп "Северсталь" ахатәтәҩы Алексеи Мордашов —3,8 миллиард доллар зырҳаз. Мордашов имал 20,2 миллиард доллар ыҟоуп.