Лыԥсҭазаара далҵит Галина Волчек

Галина Волчек жәабала афильмқәеи аспектакльқәеи рҟны арольқәа налыгӡон, лхаҭа иқәлыргылахьан 50 рҟынӡа спектакль.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Атеатри акинои рартистка, арежиссиор, Московатәи атеатр "Современник" асахьаркыратә напхгаҩы Галина Волчек Москва ақалақь аҿы 87-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Волчек лрыԥҳа ахьҭа алаланы Боткин ихьӡ зху ахәышәтәырҭахь днаган.

Волчек "Современник" анапхгаҩыс дыҟан 30 шықәса инарзынаԥшуа, 1989 шықәса раахыс. Галина Волчек жәабала афильмқәеи аспектакльқәеи рҟны арольқәа налыгӡон, лхаҭа иқәлыргылахьан 50 рҟынӡа спектакль.

Галина Волчек "Урыстәылатәи Афедерациа аџьа афырхаҵа", " СССР жәлар рартистка" ҳәа ахьӡ ҳаракқәа лыхҵан, СССР аҳәынҭқарратә ԥхьахә далауреатын, Урыстәыла ахада иаԥхьахә ланашьан.