Арадио

Ҵәыџьба: араион ахадара банкым, ауаҩы аԥара ааҭыганы ирҭартә еиԥш

Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Геннади Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы араион абиуџет азҵаара дазааҭгылеит, иҳәеит, уи ахарҭәаара шалыршахо атәы.
Sputnik
Ҵәыџьба: араион ахадара банкым, ауаҩы аԥара ааҭыганы ирҭартә еиԥш

"Араион аҿы зҵаара ӷәӷәаны иқәгылоу абиуџьет ауп. Араион аҿы ҳбиуџьет 221 миллион артәоит, урҭ рҟынтә 151 миллион дотациа ҳасабала ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтә ауп, иҳарҳауа 102 ҳәа иарбаны иҟоуп, аха уаанӡа ҳзымнеиц. Абиуџьет мчыла, уқәԥаны иузхарҭәаауам, аха иҟоуп ашәахәтә зшәараны иҟоу аԥсыӡтә азауадқәа, имаҷзаргьы - асасааирҭақәа, ақыҭанхамҩа знапы алаку рхыԥхьаӡарагьы рацәам, ацитрустә шәырқәа араион беиам, иҟоу арасоуп. Еилкаауп ауааԥсыра еснагь ацхыраара рҭахуп, аха араион ахадара банкым, ауаҩы днеины ианааихәалак аԥара ааҭыганы иахьирҭо, араион ахада еиҿнакаароуп араион аԥара арҳартә еиԥш, џьара згәаҭақәак ҟаҵаны. Иҟоуп ажәалагалақәа, шаҟа усурҭатә ҭыԥ ҟало макьана исызҳәом, аха араион иаланагаларан иҟоу ҽаԥарак ишыԥо агәыҟра узҭо акоуп", - ҳәа иҳәеит Ҵәыџьба.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: