"Акциа "Уҵаа Бабадуха" афонд аусзуҩцәеи ахәыҷқәеи зегь раасҭа бзиа иаҳбо ауп. Ахәыҷқәа ацхыраара заҳҭахьо ҳразҵаауеит иарбан ҳамҭас ирҭаху. Дара иаарышьҭуеит авидеонҵамҭақәеи асалам шәҟәқәеи. Анаҩс урҭ ҳара ҳсоциалтә даҟьақәа рҿы иаҳкьыԥхьуеит. Сынтәа акциа иақәҿызҭыз рацәаҩуп. Уаанӡа Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи ахәыҷқәа рыҩнаҭахьы инеиуазҭгьы аҳамҭа рыманы, сынтәа, згәабзиара иалшоз ааԥхьара раҳҭеит аурыс драматә театр ахь. Ақәыргыламҭа ианахәаԥш ашьҭахь дара ирыҭахеит ирҭахыз аҳамҭақәагьы. Згәабзиара иалымшаз рҳамҭақәа рыҩныҟа инагахоит. Аашықәса ирҭагӡаны 229-ҩык ахәыҷқәа ацхыраа рыҭан, аха сынтәа акциа иалахәын 100 ахәыҷқәа, ҳара иалаҳхит 13 шықәсанӡа зхыҵуаз ахәыҷқәа, дара Аҵаа Бабаду рыгәра ргоит, иара дыҟаӡам ҳәа рауҳәар, рылақәа ырцәгьангьы иухәаԥшуеит", - ҳәа лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа аҳамҭақәа роуит
Акәашарақәеи агәыҳалалреи: ансамбль "Ерцахә" афонд "Ашана" иацхраауеит