Арадио

Ахәыҟаҵаҩ Смырԥҳа: аныҳәазы аԥсуа чыс иаҳа умч иацнаҵоит, улахҿыхӡа уҟанаҵоит

Ахәыҟаҵаҩ, аԥацха аусзуҩ Лилиа Смырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит иарбан фатә хку лгәаанагарала иаҳа улахҿыхӡа уҟазҵо, угәабзиарагьы иазеиӷьу.
Sputnik
Ахәыҟаҵаҩ Смырԥҳа: аныҳәазы аԥсуа чыс иаҳа умч иацнаҵоит, улахҿыхӡа уҟанаҵоит

"Аԥсуа чыс аҟаҵара бзиа избоит, ауаа рацәаны иаҳҭоуп аныҳәақәа раан иара убас егьырҭ амшқәа рзы. Ашықәс ҿыц азы ирацәаны аҿаҵатәқәа ҳарҭеит: ахәылчаԥа, ачашә, акәац еиҵаџьны, амгәачаԥа, егьырҭ аԥсуа чысхкқәа. Анкьа ишыҟарҵоз еиԥш иахьагьы иҟаҳҵоит.

Бзиа избоит акәты еилыршәшәаны аҟаҵара, аџьыка аҭаны иҟаԥшьӡа ианыҟауҵо, иуҿаԥхоит. Аџьыка бзиазароуп, уи аџьармыкьаҟны иааҳхәаӡом, ҳхала иҟаҳҵоит.

Ашықәс ҿыц аныҳәазы аԥсуаҵас ауаҩы акрифар, иаҳа ихаҳауеит, агьама амоуп, екологиалагьы иаҳа ицқьоуп, избанзар аҩынтәи ауп. Уи иаҳа шәымч иацнаҵоит, шәлахҿыхӡа адәы шәықәлоит. Уыҩны иааиуагьы аԥсуа чыс ҟаҵаны изықәургылар, игәазырҳагоуп, ихаҳауеит", - ҳәа азгәалҭеит Смырԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.