Арадио

Ахԥҳа: ажьырныҳәамза ҳзышьцылахьаз аԥхаррақәа ҳханаршҭуеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи ргәаҭара аҟәша аспециалист хада Лариса Ахԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ажьырныҳәамзазы амш зеиԥшрахо атәы.
Sputnik
Ахԥҳа: ажьырныҳәамза ҳзышьцылахьаз аԥхаррақәа ҳханаршҭуеит

"Ажьырныҳәамза ҳзышьцылахьаз аԥхаррақәа ҳханаршьҭуеит. Уахынлатәи ҽынлатәи аҳауаԥхарра кыр илаҟәхоит. Арыцхә акы инаркны 5-нӡа аҩадантәи илбаауеит ихьшәашәоу аҳауа, иахьыҳаракқәоу аҭыԥқәа рҿы ақәабаа-сабаа леир алшоит, сык шьҭагыланы илеиуа ҳбаӡом. Аҳауақәыӷәӷәарақәа реиԥшымзаареи иахьҭышәынтәалам иахҟьаны лассы-лассы аҳауа аҽаԥсахлоит. Аҳауаԥхарра ҭыԥқәак рҿы 0 °C аасҭа илаҟәыр алшоит. Иааидкыланы ажьырныҳәамза зегьы, зны иԥхоу аҳауақәыӷәӷәара агәҭаҿы иҟазаауеит, аха нас аҽарҭбаауеит иҳараку аҳауақәыӷәӷәара. Сибратәи аҳауақәыӷәӷәара ҳаракы ахьшәашәара аанагоит, аха сык ӷәӷәаны илеиуа ҳбаӡом. Ажьырныҳәа зегьы, 0 °C аасҭа еиҵоу аҳауаԥхарра ҟалоит амшын инацәыхароу аҭыԥқәа рҿы, егьыс хьҭак ӷәаӷәа макьаназы иаҳбаӡом", - ҳәа еиҭалҳәеит Ахԥҳа.          

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.