Џьопуа еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц ауха Аҟәа ацхыраара ласы аусура атәы
© Sputnik
"Ашықәс ҿыц аҭалара мышқәак шагыз ишьақәыргылан аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рсиа зегьы, уи аплан инақәыршәаны ҳусурагьы еиҿкаан. Ақалақь аҳаблақәа зегьы рҿы аус аауан, ҳхылаԥшрада иаанымхеит аусхкык. Иҳәатәуп арҭ амшқәа зегьы маншәалан ишымҩаԥысыз, аӡәы машәырк имыхькәа Ашықәс ҿыц ҳҭалеит, макьангьы ҭынчроуп. Сара ауааԥсыра ирабжьызгар сҭахуп, аныҳәатә мшқәа рзы ачеиџьыка хәыҷык рхы еиҷаҳаны ирыдыркыларц. Арыжәтә џьбара рыхкқәа реилаҭәарагьы иаԥсаӡам ауаҩы ишьақәыӷәӷәара арҳаракуеит, уи анаҩс игәабзиара ианымԥшыр залшом", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит
Ацхыраара ласы аԥхьа: Sputnik аҟны иазааҭгылеит амедицинатә цхыраара