Ажьырныҳәа 9, 1945 шықәсазы Қырҭтәыла акомпартиа Аԥснытәи аобком ақәҵара аднакылеит аԥсуа школқәа реиҭеиҿкааразы акомиссиа аԥҵазарц. Уи акомиссиа хәажәкырамзазы ажәалагалақәа ҟанаҵеит "аԥсуа школқәа рҟны аҵара ақырҭуа бызшәахьы аиагара стимул духоит аԥсуа жәлар қәҿиарала рырҿиаразы" ҳәа.
"Аҭоурых рҵагоуп, аҵара зҵар зҭаху рзы. Иҽеим шыҟаз аныудыруа, уи зыхҟьаз ҭыуҵаароуп, даҽазны иҟамларц азы, аха аҭоурых аҟны иҟалац ҟалоит, аӡәгьы акгьы инарҵаӡом. 75 шықәса ҵит Аԥснытәи аобком ақәҵарала аԥсуа школқәа рҵаратә процесс аԥсахразы акомиссиа аԥырҵеижьҭеи. Иахьатәи ҳҭагылазаашьа, ҳааишьа ухәаԥшуазар аӡырҩы урҭ ахҭысқәа ҳхашҭызшәа убаратәы иҟоуп. Аԥсуа школқәа анадыркуаз аамҭа ҳалацәажәоит, иахьа ҳҳәынҭқарра анҳау ҳбызшәа аҭагылазаашьа усҟан аасҭа еицәахеит сызҳәом, аха ԥхьаҟатәи аԥеиԥш уахәаԥшуазар уамак еиӷьымзар ҟалап", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Иаҳа инеиҵыху анаҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Марыхәба: ақырҭуа ҩырақәа аҵәаӷәа рыхьшьра политикатә акциан
Аџьынџьал аԥсуа школқəа раркразы: ақырҭуа бызшәа зымҳәоз ахамшҭыхә ҳҭадыргылон