Арадио

Чкадуаԥҳа еиҭалҳәеит ахореографиатә школ "Абаза" ааӡамҭацәа Москва аиааира шыргаз атәы

Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы хореографиатә школ "Абаза" Москва имҩаԥысуаз ахԥатәи Қьырсатәи жәларбжьаратәи аҟазацәа рассамблеиа афестиваль аҟны аиаара шагаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит "Абаза" асахьаркыратә напхгаҩы Циала Чкадуаԥҳа.
Sputnik
Чкадуаԥҳа еиҭалҳәеит ахореографиатә школ "Абаза" ааӡамҭацәа Москва аиааира шыргаз атәы

"Ааԥхьара ҳауит акультуреи аҵарадырратә аинновациеи рзы академиа аҟынтә, ҳцартә аҭагылазаашьа ҟарҵеит аҭаацәа. Ҳахьааиз ибзианы ҳрыдыркылеит, ахәыҷқәагьы абаҩхатәра бзиа аадырԥшит. Ахәшьара рырҭеит инарыгӡаз аныҳәатә аԥсуа кәашаразы, еилагьежьуа ҷкәынаки ӡӷабки еицыкәашо. Акәашарақәа ԥшьба ааҳгеит, аха аицлабраҟны аԥсуа кәашара ауп иҟаҳҵаз. Даара иргәаԥхеит ҳхәыҷқәа, дара фышықәса инаркны аашықәса зхыҵуа роуп, реиҳараҩык рықәра фышықәсеи бжаки ауп. Акыр иџьаршьеит, идырҽхәеит ахәыҷқәа. Афестиваль ахьӡала убасгьы ааԥхьара ҳарҭеит Бырзентәылаҟа", - лҳәеит Чкадуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анаҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Чкадуаԥҳа ансамбль "Абаза" раԥхьатәи Аԥсны анҭыҵ ақәгыларазы: ахәаԥшцәа ҵәыуон
  • Ансамбль "Абаза" Гран-при анашьоуп Питертәи афестиваль аҿы