Џьастин Бибер ишәарҭоу ачымазара идырбалеит

Џьастин Бибер аамҭала икариера аанижьуеит игәамбзиара иадҳәалоу проблемақәак рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9— Sputnik. Еицырдыруа канадатәи ашәаҳәаҩ Џьастин Бибер инстаграм аҟны иҳәеит Лаим ичымазара шидырбалаз.

"Ирацәаҩуп Џьастин Бибер метамфетамин дагоит ҳәа уҳәан-сҳәан гәаразҵоз. Аха дара ирыздырам Лаим ичымазара шсыдырбалаз. Уи адагьы мононуклеоз сгәабзиара акыр иҵнашәаауеит", - иҩуеит Бибер.

Ашәаҳәаҩ иҩуеит ҩышықәса шыҵуа хәшәтәышьа змам ҳәа изышьҭоу ачымазара аиааира иҽазишәоижьҭеи. Уажәы игәабзиара акыр ишҭышәынтәало.

Лаим ичымазара лымоуп ашәаҳәаҩ Аврил Лавингьы. Лара лажәақәа рыла аԥсреи абзареи акраамҭа дыбжьагылан.

Лаим ичымазара — инфекциатә чмазарахкуп. Абактериақәа хәба идырҿиоит. Ачымазара ашоура шьҭнахуеит, ахыхь узцәырнагоит, шамахамзар умч маҷуп. Иҟалоит умаха-ушьаха, угәы, ублақәа, унервтә система анырра рнаҭаргьы.

Ииашамкәа ачымазара ахәышәтәраан ауаҩы дхымхәахар ҟалоит, мамзаргьы иԥсҭазаара далҵыргьы ауеит.