"Анцәа ҳаԥсадгьыли ҳауаажәлари ихьчааит, ҷыдала ҳрызҿлымҳауп ахҭысқәа, хгәы-ҳаԥсы Аԥсны иҟоуп. Иаха ҳмыцәаӡеит сҳәар ииашоуп, даара ҳгәы хьаауа ҳаԥшуеит. Уа аоппозициа аҟны иҟоугьы аҳәынҭқарра анапхгарагьы, адепутатцәа, аусӡбаҩцәа, ҳашьцәа зегьы ирдырыр ҳҭахуп Аԥсны иқәынхо ҳауаажәлар ракәӡам изхагылоу, Ҭырқәтәыла иҟоу 500 нызқьҩык инархыҳәҳәо аԥсуа жәлар инарыдкыланы, адунеи аҟны 54 ҳәынҭқарраҿы иҟоу аԥсуаа зегьы реиҳабацәа роуп. Ҳаԥсадгьыл анапаҿы иахьа иҟоу ашансқәа ҳажәлар шәышықәсала иззықәԥоз роуп... ахақәиҭразы иҭахаз рыԥсы иадыруеит, идырҭынчуам ас еиԥш ахҭысқәа… Аҳәынҭқарра иусбарҭаҟны иҟалаз ахҭысқәа ҳбеит, иаҳҳәогьы ҳҿамшәо ҳҟалеит. Ас еиԥш ажәытәангьы уажәгьы иҟамлар акәын. Аиҳабацәа еилатәаны еилацәажәароуп, сара анс егьи арс иитахуп ҳәа акәымкәа, ҳажәлар ирызхәыцны ӡбашьак рыԥшаароуп", - иҳәеит Аҟәысба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Кьылба амч ахархәаразы: усеиԥш агәҭакы ыҟам, аха иҟалар алшоит
Смыр: амчреи аоппозициеи рыдгылаҩцәа реиҿанагалара алмыршароуп