Арадио

Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" азы: уажәазы исылшаз абри ахәыҷы ауп

Ажурналист, Sputnik Аԥсны аколумнист Саида Жьиԥҳа Ҭырқәтәыла иҭлыжьыз лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" зызку еиҭалҳәеит арадио аефир аҟны.
Sputnik
Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" азы: уажәазы исылшаз абри ахәыҷы ауп

"Ашәҟәы рызкуп Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа еиуеиԥшым аус бзиақәа знапы рылаку, иҟоуп убасгьы абыргцәа, аибашьра аветеранцәа, зынӡа 67-ҩык ауаа. Аханатә гәҭакыс исыман 30-ҩык рҟынӡа рнысымҩеи рфотосахьақәеи анҵаны, журналк аҳасабала ажәлар ирыдызгалар. Аматериал аидкылара саналага, 50-ҩык рҟынӡа инеит, ашьҭахь 67-ҩык. Аматериал ашәҟәы-альбом алҵит. Ари сара спроект ауп. Иаҳҳәап, ажурналистцәа адгылара рыҭаны Ҭырқәтәылаҟа ирышьҭыр, мызкы-ҩымз рыла ҵҩа змам аматериал еидыркылоит. Сыпроект аӡбахә заҳаны хатәгәаԥхарала ацхыраара сыдызгалаз рыбзоурала ауп ишҭыжьу. Уажәтәиала исылшаз абри ахәыҷы ауп. Ашәҟәы Аԥсны иназгар, уаҟа иану афырхацәа рыжәлантәқәа ирбар, ргәы иаахәап ҳәа сгәы иаанагоит, аԥсуаа рхаҭарнакцәа ас еиԥш аихьӡарақәа ахьрымоу. Ашәҟәы 300 цыра ыҟоуп. Ари ҳамҭоуп, ҳажәлар рыԥсадгьыл иахыганы Ҭырқәтәылаҟа иргеижьҭеи 155 шықәса ахыҵра агәалашәара иазкны иҭыжьуп", - лҳәеит  Жьиԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анаҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: