Арадио

Қаџьаиа: Виктор Кәакәасқьыр иажәеинраалақәа реизга аҭыжьра игәҭакын, аха дахьымӡеит

Агазеҭ Аԥсны аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Борис Қаџьаиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит зыԥсҭазаара иалҵыз ажурналист Виктор Кәакәасқьыр иажәеинраалақәа реизгара аҭыжьра азырхиара дшаҿыз.
Sputnik
Қаџьаиа: Виктор Кәакәасқьыр иажәеинраалақәа реизга аҭыжьра игәҭакын, аха дахьымӡеит

Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист, апублицист Виктор Кәакәасқьыр.

"Виктор иажәеинраалақәа реизга аҭыжьра азырхиара даҿын, аха дахьымӡеит. Абаҩхатәра ду илан, иара еиԥш иҟаз аусзуҩцәа рыла агазеҭ аусура ԥхьаҟа ицон, иагьцалароуп. Зны-зынла уаҩы игәамԥхоз ҟазшьақәакгьы анааирԥшуаз иҟын, аха уи ахьарԥссаша дақәшәон. Ак иамхаҳәазаргьы дааины "саҭамыз" ҳәа аҳәашьа дақәшәон. Дҳаԥхеит, дҳагхеит ҳҩыза бзиа", - иҳәеит Борис Қаџьаиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: